Владимир Зеленски - Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа Чернобыльтәи атомтә станциа анапаҿы аагара рҭахуп

Украина ахада Владимир Зеленски иҟаиҵаз аҳәамҭала,  Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа Чернобыльтәи атомтә станциа анапаҿы аагара рҭахуп.

Ари атәы Зеленски “Твиттер” аҿы ааицҳаит.

“Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа Чернобыльтәи атомтә станциа анапаҿы аагара рҭахуп. 86 шықәсатәи арыцҳара еиҭаҟамларц азы, ҳахьчаҩцәа рыхқәа ақәырҵоит. Ари атәы адырра исҭеит Швециа ахада,”- иҩит Зеленски.

Урыстәыла ахада Владимир Путин Донбас аҿы арратә операциа алагара иазкны аҳәамҭа ҟаиҵеит. Украина қалақьқәак рҿы аԥжәарабжьы гоит. Украина ахада Владимир Зеленски иӡбарала, атәылаҿ аибашьратә ҭагылазаашьа аларгалеит.