Владимир Зеленски ицынхәрас Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиахь ааҧхьара ҟаиҵоит Денис Шмыгаль
Владимир Зеленски ицынхәрас Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиахь ааҧхьара ҟаиҵоит Денис Шмыгаль

Иахьа Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиаҿы Урыстәыла ала Украина ажәылара азҵаара иалацәажәоит.  Апарламенттә Ассамблеиа аилатәара иалагеит минуҭктәи аҿымҭрала.

Ассамблеиахь ааҧхьара ҟаиҵараны дыҟан Украина ахада  Владимир Зеленски.

Апарламенттә Ассамблеиа ахантәаҩы  Тини Кокс ишааицҳаз ала,  атехникатә мзызқәа рымшала Украина ахада иҟны аимадара иҟам,  иара ицынхәрас Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиахь ааҧхьара ҟаиҵоит  аҧыза-министр Денис Шмыгаль.