Латвиатәи адепутат Занда Калнина Лукашевица – Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟасҵоит адемократиатә алхрақәа рзы иаҭаху алагылазаара аҧҵаразы аинклиузивтә процесс иалагарц
Латвиатәи адепутат Занда Калнина Лукашевица – Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟасҵоит адемократиатә алхрақәа рзы иаҭаху алагылазаара аҧҵаразы аинклиузивтә процесс иалагарц

Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟасҵоит ииашоу, зхы иақәиҭу адемократиатә алхрақәа рзы иаҭаху алагылазаара аҧҵаразы аинклиузивтә процесс иалагарц, алхрақәа рыҿҳәара ҧырҵәароуп анеҩстәи амзақәа рзы,  – илҳәеит латвиатәи  адепутат Занда Калнина Лукашевица Европа Ахеилак Апарламенттә ассамблеиаҿы данықәгылоз.

Лара лажәақәа рыла, „асоциалтә кризис ду иҭагыло адемократиатә уаажәларраҿы акризис алҵразы аҿыц алхрақәа мҩаҧгазароуп“.

„Жьҭаара 26 рзы имҩаҧгаз алхрақәеи урҭ рышьҭахь имҩаҧысуа ахҭысқәеи  лабҿаба иаҳдырбеит адемократиа шьҭахьҟацара аанкылара иазкны Ассамбелиа иҟанаҵаз аҳәара шынамгӡаз. Қырҭтәылаҿ адемократиа зеиҧшҟамлац аццакрала шьҭахьҟа ацара инагӡоит. Ари аҭагылазаашьа ҕәҕәала аҭак аҭатәуп, адемократиа шьҭахьҟа ацара аанкылатәуп.

Уажәазы атәыла асоциалтә кризис ду иҭагылоуп, аполитикатә институтқәа агәрагареи алегитимациеи рцәыӡит.

Аиҳабыреи атәылауааи рыбжьара асоциалтә аимадара еилагоуп. Уи убарҭоуп Қарҭи егьырҭ ақалақьқәеи рҿы имҩаҧысуа апротесттә акциақәа рылагьы. Асоциалтә кризис ду иҭагыло адемократиатә уаажәларраҿы акризис алҵразы аҿыц алахрақәа мҩаҧгазароуп. Аха, 2024 шықәса жьҭааразы алхрақәа шымҩаҧгаз еиҧш, амониторинг аҳасабырбаҿы иарбоу агхақәа имыриашакәа адемократиатә алхрақәа рымҩаҧгара ҟалом. Қырҭтәыла анапхгара рахь ааҧхьара ҟасҵоит ииашоу, зхы иақәиҭу адемократиатә алхрақәа рзы иаҭаху алагылазаара аҧҵаразы аинклиузивтә процесс иалагарц, алхрақәа рыҿҳәара ҧырҵәароуп анеҩстәи амзақәа рзы,  – илҳәеит латвиатәи  адепутат Занда Калнина Лукашевица.