Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа арезолиуциа аднакылеит, адокумент ишану ала, мшаҧынӡа ақырҭуа делегациа азинмчқәа иҧкызаауеит
Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа арезолиуциа аднакылеит, адокумент ишану ала, мшаҧынӡа ақырҭуа делегациа азинмчқәа иҧкызаауеит

Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа Қырҭтәыла азҵаара иазкыз арезолиуциа аднакылеит. Ассамблеиа аӡбарала,  мшаҧынӡа  ари Ассамблеиаҿы Қырҭтәыла азинмчқәа иҧкызаауеит.

Адокументаҿ иарбоуп мшаҧынӡа Қырҭтәыла инанагӡараны иҟоу аҭагылазаашьақәа. Арҭ аҭагылазаашьақәа иреиуп “аполитбаандаҩцәа рхақәиҭтәреи аҿыц алхрақәа рылаҳәареи”.

Ақырҭуа аган арезолиуциаҿы иарбоу аҳәарақәа нарымгӡар,  мшаҧы азы Ассамблеиа алахәылацәа  ақырҭуа делегациа азинмчы еиҭахәаҧшуеит.