Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа - Қырҭтәыла апрогресс ҳаргәырӷьоит, аполитикатә мчқәа зегь рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит иаанхаз арекомендациақәа нарыгӡарц
Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа - Қырҭтәыла апрогресс ҳаргәырӷьоит, аполитикатә мчқәа зегь рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит иаанхаз арекомендациақәа нарыгӡарц

Асссмблеиа ахыдҵақәа рынагӡара аганахьала Қырҭтәыла амоу апрогресс адгылоит, аполитикатә мчқәа зегь рахь ааԥхьара ҟанаҵоит иаанхаз арекомендациақәа нарыгӡарц, ари арезолиуциа иалаз агәынамӡара аҭак арҭарц, – иануп Европа ахеилак апарламенттә ассамблеиа асессиаҿ ирыдыркылаз арезолиуциа аҿы.

2022 шықәса ажьырныҳәа-ԥхынҷкәын рзы имҩаԥгаз амониторинги апрогресси рҳасабырба цәырган. Аҳасабырбаҿ Қырҭтәыла хықәкыс амоу Евроеидгыла алаларазы иаҭаху астатус аиуразы 12 рекомендациа рынагӡара аӡбахә аҳәоуп.

“Ассамблеиа атәылаҿ иҟоу аполитикатә полиаризациа иадҳәаланы агәынамӡара аанарԥшуеит, ари ареформақәа рынагӡареи аганқәа ареформақәа рпроцесс аҽалархәреи ирықәныруеит. Ассамблеиа анапхгара рахь ааԥхьара ҟанаҵоит атәылаҿ аӡбарҭа асистема ахақәиҭра ашьақәыргылара хықәкыс иамоу ареформа иашьҭанеиуа анагӡаразы, аӡбарҭатә система ареформа зхы иақәиҭу ахәшьараҭара мҩаԥыргарц. Арезолиуциаӡ аихқәа рхырхарҭала аҭыԥ змаз ахҭысқәагьы иаарԥшуп.

Ассамблеиа аиҳабыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит амедиақәыԥшылараҿ аиҿагылара армаҷразы ирылшо зегь ҟарҵарц. Ассамблеиа Қырҭтәыла асуверенитеи атерриториатә акзаареи рыдгылара даҽазнык шьақәнарӷәӷәоит, Урыстәыла ала Қырҭтәыла арегионқәа – Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи изакәаным рымпыҵахалара иаҿагылоит. Асссмблеиа ахыдҵақәа рынагӡара аганахьала Қырҭтәыла амоу апрогресс адгылоит, аполитикатә мчқәа зегь рахь ааԥхьара ҟанаҵоит иаанхаз арекомендациақәа нарыгӡарц, ари арезолиуциа иалаз агәынамӡара аҭак арҭарц,” – иануп арезолиуциа аҿы.