Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа Қырҭтәыла иазку арезолиуциа аднакылеит.
Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа Қырҭтәыла иазку арезолиуциа аднакылеит. Апроект азы абжьыҭира мҩаҧган иахьатәи апленартә сессиаҿы.
Апроект иахьӡуп „Қырҭтәыла адемократиеи азакәан ахадареи адгылара“. 77ҩык аделегатцәа рҟынтә апроект иадгылеит 68ҩык, быжьҩык иақәшаҳаҭымхеит, ҩыџьа рҽааныркылеит.
Абжьыҭиранӡа адокумент ариашарақәак алагалан.
Лымкаала, ариашарак инақәыршәаны, „Ассамблеиа информациак иадҳәаланы агәынамӡара ду аанарҧшуеит, ари аинформациа инақәыршәаны, Ассамблеиаҿы Қырҭтәыла аделегациа ҧасатәи алахәылацәа рылахәызаараан иарҭаз рыбжьқәа ма русура амшала, дара рзы ашьауҕатә ашьҭацалара иалагар ауеит. Ассамблеиа даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит уи алахәылацәа рыҧхықәрақәа рынагӡараан иҟарҵаз аҳәамаҭақәа ма иарҭаз рбыжьқәа рымшала дара рзы ашьауҕатә ашьҭацалара шыҟамло. Ассамблеиа уи иалоу аҳәынҭқаррақәа рахь ааҧхьара ҟанаҵоит абри аҩыза ахҭысқәа рҽацәыхьчаразы иаҭаху зегьы ҟарҵарц“.
Арезолиуциа егьырҭ апунктқәа ишыҟаз еиҧш иаанхеит.