Кристофер Ландау – Рыцҳарас иҟалаз, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Америкеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа сара ишысҭаху еиҧш ибзиамызт, Амилаҭтә амш азы абра сыҟазаара ҳаизыҟазаашьақәа реиҕьтәра аҽазышәара иасимволуп
Кристофер Ландау – Рыцҳарас иҟалаз, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Америкеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа сара ишысҭаху еиҧш ибзиамызт, Амилаҭтә амш азы абра сыҟазаара ҳаизыҟазаашьақәа реиҕьтәра аҽазышәара иасимволуп

«Ҳажәларқәа ирзеиҧшу рацәоуп ҳәа сгәы иаанагоит — иаҳҳәап, аҳаҭыр, амилаҭтә згәыдура, ахатә тәыла асуверенитет агәрагара.  Рыцҳарас иҟалаз, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Америкеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа сара ишысҭаху еиҧш ибзиамызт», — иҳәеит Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ Кристофер Ландау  Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш инамаданы Америка иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа еиҿнакааз аусмҩаҧгатә аҿы данықәгылоз.

Иара иажәақәа рыла, шамахамзар, абри аҩыза аусмҩаҧгатәқәа дрылахәым, аха, абри адкылараҿы иҟазаара ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа реиҕьтәра аҽазкра иасимволуп.

«Ацҳаражәҳәаҩ ибзиаӡаны дсыхцәажәеит, уи азы ҭабуп ҳәа ласҳәоит. Иара убас, адәныҟатәи аусқәа рминистр актәи лхаҭыҧуаҩ ари ахәылҧаз аҽалархәразы Қарҭынтә дааит, иаргьы уи азы ҭабуп ҳәа иасҳәоит. Абра шәыҟазаара иаҵанакуа рацәоуп.

Абри азал ссир аҿы ақәгылареи ақырҭуа жәлар абри арыцхә ду рыдныҳәалареи  сара сзы ҳаҭыр дууп. Ақырҭуа-америкатә еизыҟазаашьақәа ирызкны жәақәак сҳәар сҭахуп. Хаҭала сареи, Америка ахада Дональд Трампи, аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Марко Рубиои ҳахьӡала ақырҭуа жәлар дуӡӡа абри амш рыдысныҳәалар сҭахуп.

Америкауаа реиҳара Қырҭтәыла шссиру рзымдыруазар ҟалап. Агәра ганы сыҟоуп шәтәылаҿы атуристтә алшара дуқәа шыҟоу, сара урҭ збар сҭахуп.

Афотоҭыхымҭақәа анызба, хара имгакәа уахь снеироуп ҳәа сгәы иаанагеит. Саныхәыҷыз Қырҭтәыла ҭысҵааратәы алшара сымамызт, избанзар, усҟан Қырҭтәыла ихьыҧшым ҳәынҭқаррамызт. Қырҭтәыла ихьыҧшым ҳәынҭқаррас ианыҟала сара исызҳахьан. Ари аганахьала шәҳәынҭқарра қәыҧшуп, аха, иахьа ишазгәаҭаз ала, адунеи  ажәытәӡатә ҳәынҭқаррақәа иреиуп.

Ишәыдысныҳәалоит ашәышықәсарацәалатә ҳәынҭқаррареи  ақьырсианра адкылара инаркны 1700 шықәса аҵреи. Шәбираҟ адунеи иҧшӡаӡоу абираҟқәа иреиуп ҳәа сгәы иаанагоит.

Ҳажәларқәа ирзеиҧшу рацәоуп ҳәа сгәы иаанагоит — иаҳҳәап, аҳаҭыр, амилаҭтә згәыдура, ахатә тәыла асуверенитет агәрагара.  Рыцҳарас иҟалаз, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы Америкеи Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа сара ишысҭаху еиҧш ибзиамызт.

Гәаартыла исҳәар сҭахуп: сара, шамахамзар, амилаҭтә ныҳәақәа рахь снеиуам. Аҵыхәтәантәи 15 мза ирылагӡаны, амаҵзураҭыҧ ҿыц аҿы, абри аҩыза 3 усмҩаҧгатәк мацараҿ сыҟан. Убри аҟынтә, иахьа абра сыҟазаара асимволтә ҵакы амоуп  — уи ҳаизыҟазаашьақәа реиҕьтәразы иҳамоу агәазыҳәара иасимволуп.

Шәажәақәа иҳаракны рыхә сшьоит, избанзар, арҭ ажәақәа рыла аиҩызаратә напы ҳашәҭоит. Шәнапы шәымысхырц азоуп иахьа абра сзыҟоу. Ҳтәылақәа реизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргыларазы алшара бзиа ҳамоуп ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит  Ландау.