Владимир Зеленски – Ҳара ҳаиҧшым, аха ҳаидызкыло гәазыҳәарак ҳамоуп  - ҭынч анхара ҳҭахуп,  ҳара ҳада ҳаҩны аӡәгьы изыхьчом
Владимир Зеленски – Ҳара ҳаиҧшым, аха ҳаидызкыло гәазыҳәарак ҳамоуп  - ҭынч анхара ҳҭахуп,  ҳара ҳада ҳаҩны аӡәгьы изыхьчом

Владимир Зеленски, Аидгылара амш инамаданы, Украина атәылауаа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит. Ателеааҧхьараҿы иара ишазгәеиҭаз ала, аукраин жәлар ҭынч анхара азин рымоуп.

«Аҳәынҭқарра ду иқәынхо ажәлар ду, шьыжьбзиа! Иахьа крызҵазкәа мшуп  — Ҳаидгылара мшуп. Ҳара ҳаиҧшым, аха ҳаидызкыло гәазыҳәарак ҳамоуп  –  ҳхәылҵи ҳҭаацәеи ҳҩызцәеи рыгәҭа ҭынч анхара ҳҭахуп. Избанзар, ҳара ҳаҩны ҳаҟоуп, Украина ҳаҟоуп,  ҳара ҳада ҳаҩны аӡәгьы изыхьчом», —  иҳәеит Зеленски.