Владимир Зеленски Давосстәи афорум  алахәылацәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит
Владимир Зеленски Давосстәи афорум  алахәылацәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит

«Аиадертә бџьар шәазымҧшын, амаксималтә санкциақәа шәыдышәкыл —  иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски Давосс имҩаҧысуа Адунеизегьтәи аекономикатә форум алахәылацәа рахь ааҧхьара аныҟаиҵоз.

Украина ахада иҳәамҭала, асанкциа излауа ала иџьбаразароуп, Урыстәылеи егьырҭ агрессорцәеи ргәылацәа ирҿагыланы аибашьра иалагар, уи иахылҵуа  рдырузарц азыҳәан.

«Урыстәыла аиадертә бџьар ахы анархәаанӡа шәазымҧшын. Зхы иақәиҭу, анормалтә, зегьы ирзыфеидоу адунеиеиҿкаашьа амаксимум ала ишәыхьча.

Асанкциақәа иҟазароуп  —  урыстәылатәи анефт азы аембарго, абанкқәа зегьы рыркра. Урыстәылатәи аинтернет-технологиақәа зегьы рзы мапкра. Урыстәылаҟны ахәаахәҭра аҟәыҵра.  Асанкциатә ақәыҕәҕәара апрецедент аҧҵазароуп, уи кыршықәса инагӡахароуп», — иҳәеит Зеленски.

Украина ахада Урыстәыла иалҵыз аилахәырақәа украинатәи аџьармыкьа рыдигалеит.

«Урыстәыла иалҵуа аилахәырақәа зегьы Украина аусура алагара рыдаагалоит. Шәара  40 миллинтәи ҳџьармыкьеи азеиҧш европатәи аџьармыкьеи ахархәара шәылшоит», — иҳәеит Зеленски.