Владимир Зеленски амилаҭтә шәарҭадаратәи атәылахьчаратәи хеилак аилатәара ҷыда мҩаԥигоит
Владимир Зеленски амилаҭтә шәарҭадаратәи атәылахьчаратәи хеилак аилатәара ҷыда мҩаԥигоит

Украина ахада Владимир Зеленски амилаҭтә шәарҭадаратәи атәылахьчаратәи хеилак аилатәара ҷыда мҩаԥигоит. Зеленски “Твиттр” аҿы иҟаиҵаз аҳәамҭала, аилатәара ҷыда амҩаԥгара аӡбара идикылеит Урыстәыла ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿ иҟаҵаз аҳәамҭақәа ирызԥхьагәаҭаны, иара убас Германтәылеи Франциеи рлидерцәа рҟны ҭелла имҩаԥигаз аконсультациақәа рышьҭахь.

“Урыстәыла ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿ иҟаҵаз аҳәамҭақәа ирызԥхьагәаҭаны, иара убас Германтәылеи Франциеи рлидерцәа рҟны ҭелла имҩаԥызгаз аконсультациақәа рышьҭахь, амилаҭтә шәарҭадаратәи атәылахьчаратәи хеилак аилатәара амҩаԥгара аӡбара сыдыскылеит,” – иҩит Зеленски.

Украинатәи аих аинформациа ала, аилатәара киевтәи аамҭала асааҭ 20:00 рзы мҩаԥгахоит.

Урыстәылатәи аих ишаарыцҳаз, Германтәыла аканцлер Олаф Шольци Франциа ахада Еммануель Макрони Владимир Путин ҭелла иацәажәеит.