Владимир Зеленски – Америкеи Европеи 5 миллиардк ҳарҭар, Украина алхрақәа мҩаҧнагоит 
Владимир Зеленски – Америкеи Европеи 5 миллиардк ҳарҭар, Украина алхрақәа мҩаҧнагоит 

Украина ахада  Владимир Зеленски ишиҳәаз ала, 2024 шықәсазы Украина апрезиденттәи апарламенттәи алхрақәа мҩаҧигар иҭахуп, аха, уи азыҳәан азакәанҧҵаратә ҧсахрақәеи, апартниорцәа рҟынтә аҧареи,  афронт аҿгьы жәларбжьаратәи анаҧшцәеи аҭахуп.

Зеленски Америкатә сенатор  Линдси Грем иҟаиҵаз аҳәамҭа дахцәажәеит. Грем ишиҳәаз ала, аибашьра шымҩаҧысуагьы, ҳаҧхьаҟа Украина алхрақәа мҩаҧысроуп.

Зеленски иҳәамҭала, иара ихаҭа Линдси Грем ари азҵааразы диацәажәахьеит.

«Алогика абасоуп ишыҟоу, уара адемократиа уазықәҧозар, аибашьраангьы уи уазхәыцроуп. Алхрақәа  – адемократиа ахьчара ахархәагақәа иреиуп. Аха, аибашьраан алхрақәа рымҩаҧгара мариам, иашьашәалоу азакәанҧҵаратә ҧсахрақәа аҭахуп. Сара иҟасҵаз аҭак мариоуп  –  Линдси уи игәы иаахәеит.

Ҳпарламент алахәылацәа уи иазыхиазар, азакәанҧҵаратә ҧсахрақәа мҩаҧгатәуп.

Насгьы,  сара сиазҵааит дара 5 миллиардк ҳаҭара иазыхиоума ҳәа, избанзар, абжьааҧны алхрақәа рымҩаҧгаразы абри аҟара аҧара аҭахуп ҳәа сгәы иаанагоит, аибашьраан шаҟа аҭаху сыздырӡом.  Сара атәыла абиуџьетынтә 5 миллиардк сзыгом.  Америкеи Европеи 5 миллиардк ҳарҭар, Украина алхрақәа мҩаҧнагоит», —  иҳәеит  Зеленски.

Украина ахада ишиҳәаз ала, иара алхрақәа рымҩаҧгаразы акредит игом.

«Саҭамзааит, сара акгьы саҳәом. Акредитла алхрақәа мҩаҧызгом. Абџьар иазку аҧара алхрақәа рзы аныхрагьы сгәы иҭам.

Зегьы реиҳа ихадоу  – шәааи,  ҳазынтәгьы ҳхы ашәарҭара иҭаҳаргылап. Нас, ишҧа? Анаҧшцәа ажрақәа ирҭатәазароуп. Сара иасҳәеит: алхрақәа алегитимтә мчы рымазаарц азыҳәан, ҳареи шәареи анаҧшцәа зегьы афронтахь иҳашьҭыроуп. Абасоуп ишыҟаҵатәу.

Мраҭашәара, раҧхьа иргыланы Европа,  7 миллионҩык украинатәи  ахҵәацәа рзы алхырҭақәа раартра рықәшәоит, избанзар, Украина уи аҩыза аинфраструктуратә алшарақәа амам. Ахҵәацәа абжьыҭира азин рымхра ҟалом», —  иҳәеит  Украина ахада.

Зеленски иҳәамҭала, макьана аӡәгьы имҳәацт  аибашьра иаҿу аруааи аҳәаанырцә иҟоу ахҵәацәеи рзы алхрақәа шеиҿкаатәу.