Владимир Путин – Урыстәыла арратә операциа аанкылахоит ҭагылазаашьак мацара аан, Киев аибашьра иаҟәыҵны адемилитаризациа иазку Москва аҳәара нарыгӡар
Владимир Путин – Урыстәыла арратә операциа аанкылахоит ҭагылазаашьак мацара аан, Киев аибашьра иаҟәыҵны адемилитаризациа иазку Москва аҳәара нарыгӡар

Урыстәыла арратә операциа аанкылахоит ҭагылазаашьак мацара аан, Киев аибашьра иаҟәыҵны адемилитаризациа иазку Москва аҳәара нарыгӡар –  иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоҕан ҭелла даниацәажәоз.

Ари аинформациа аланарҵәеит Кремль.

Путин Ердоҕан изышьақәирҕәҕәеит аимак аҭыҧқәҵаразы  Украина анапхгареи аҳәаанырцәтәи апартниорцәеи рацәажәара дшазыхиоу.