Владимир Медински - Урыстәыла Украинаҟны адиалон анагӡара азыхиоуп
Владимир Медински - Урыстәыла Украинаҟны адиалон анагӡара азыхиоуп

Урыстәыла Украинаҟны адиалон анагӡара азыхиоуп, – иҳәеит Урыстәыла ахада ибжьагаҩ Владимир Медински.

Путин иабжьагаҩ иажәақәа рыла, Урыстәыла иреиҳаӡоу аҩаӡараҿ аиҿцәажәара амҩаԥгаразы мап ахаан ацәнакуам.

“Ҳара адиалог анагӡара ҳазыхиоуп, аха даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп, аҭынчратә аиҿцәажәарақәа рынагӡаразы ампыл Украина амоуп. Аиҿцәажәара аанкылара Украина аԥшьгаран. Ҳара ԥхьаҟацара ҳҭахын, аха Украина адиалог анагӡара аҭахымызт. Урҭ аиқәшаҳаҭра апакет аофициалла шьақәдмырӷәӷәеит”, – иҳәеит Медински.