Қырҭтәыла аамҭа-аамҭала аҳауатә лышәшәарақәа ҟалоит, рашәара19 инаркны 22 рҟынӡа
Акәша-мыкәшатә ҭагылазаашьа ахьчаразы амилаҭтә Маҵзура излаанацҳауа ала, Қырҭтәыла аиҳарак аҿы зны-зынла ақәа леиуеит, рашәара19 инаркны 22 рҟынӡа.
Аҳауагәаҭаҩцәа излаарыцҳауа ала, ақәаршҩы, асы, аԥша ӷәӷәа ҟалоит.
“Қырҭтәыла аӡиасқәа рҿы аӡы аҩаӡара шьҭыҵны иаанхоит. Аӡы ӷәӷәа леира иахҟьаны аӡиасқәа рҟны (ИГРЫ, Риони, Арагви, Иори, Алазани) аӡы аҩаӡара шәарҭахар алшоит, аӡиас хәыҷқәа рҿы ӡылаҵарақәа ҟалар алшоит, насгьы ақәцәқәеи ашьхақәеи рҿы анышәаԥшьқәа рыҟалареи рыӷәӷәареи ҟалоит. ҳәа аҳәамҭаҿы иазгәаҭоуп.