Сулхан Ҭамазашвили Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахҵәацәа рзы Иреиҳау Акомиссар Аусбарҭа ахаҭарнак диԥылеит
Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Сулхан Ҭамазашвили Қырҭтәыла иҟоу Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахҵәацәа рзы Иреиҳау Акомиссар Аусбарҭа ахаҭарнак Анна Ричи лареи аиԥылара мҩаԥигеит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟынтәи излаанацҳауа ала, Сулхан Ҭамазашвили Анна Рич амаҵураҭыԥ ҿыц ахь лыҭара лыдиныҳәалеит, ԥхьаҟатәи лусқәа рҿы ақәҿиарақәа лзеиӷьеишьеит.
Аиԥылараҿы аганқәа ирылацәажәеит Қырҭтәыла иҟоу жәларбжьаратәи ахьчаратә системеи иахьатәи аамҭазы ицәырҵуа азҵаарақәеи.
Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан аамҭа кьаҿк иалагӡаны амиграциатә напхгареи аҽыҵәахырҭа азакәанԥҵареи рҿы иҟалаз аиҭакрақәа, иара убасгьы иҟоу ауадаҩрақәеи аихьӡарақәеи.
Аиԥылара хыркәшо, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр UNHCR ахаҭарнак ҭабуп ҳәа леиҳәеит ашықәсқәа рыҩныҵҟа Аминистрра алшарақәа рыҿиараҿы ллагала ду азы, иҟанаҵаз ацхырааразы, иҟоу аусеицура еиҳагьы арҵаулахоит ҳәа агәыӷра шимоу азгәеиҭеит.