Викториа Нуланд ишылҳәаз ала, Урыстәыла иҟанаҵаз аҭак Америкатә анапхгара аргәамҵит Урыстәыла ала агәылацәа рхьыҧшымра аилагара иадҳәаланы
Викториа Нуланд ишылҳәаз ала, Урыстәыла иҟанаҵаз аҭак Америкатә анапхгара аргәамҵит Урыстәыла ала агәылацәа рхьыҧшымра аилагара иадҳәаланы

Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ Викториа Нуланд ишылҳәаз ала, Урыстәыла иарҭаз аҭак аҿы Америка анапхгара агәамҵра аадырҧшит Урыстәыла ала агәылацәа рхьыҧшымра аилагара иадҳәаланы. Нуланд ари аҳәамҭа ҟалҵеит абрифинг аҿы.

Ажурналистцәа Нуланд  илазҵааит Америка анапхгара иҟарҵаз аҭак аҿы Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи рҟынтә аурыс арбџьармчқәа ралгара ахымҧадара иазгәаҭазма ҳәа.

«Ҳдокумент адетальқәа сызрылацәажәом, аха иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп Урыстәыла иаҳҭаз аҭак аҿы Америка анапхгара агәамҵра шаадырҧшыз  Урыстәыла ала агәылацәа рхьыҧшымра аилагара иадҳәаланы», — илҳәеит  Нуланд.