Венгриа ахада Украинахь ааҧхьара ҟалҵеит  Урыстәылаҟны аиҿцәажәара иалагарц
Венгриа ахада Украинахь ааҧхьара ҟалҵеит  Урыстәылаҟны аиҿцәажәара иалагарц

Венгриа ахада Каталин Новак Украинахь ааҧхьара ҟалҵеит Урыстәылаҟны аиҿцәажәара иалагарц. Венгриа ахада ари аҳәамҭа ҟалҵеит венгриатәи аҭыжьымҭа

Index аинтервиу аналҭоз.

«Аибашьра шықәсыкибжаки инагӡоит, акыраамҭалатәи аҭынчра шьақәзыргылаша арратә аӡбара збом.  Убри аҟынтә, аганқәа аиҿцәажәаратә аишәа иахатәароуп. Сара Зеленски аргамагьы ишиашогьы сгәаанагара иасҳәеит», — илҳәеит Каталин Новак.

Иара убас,  Венгриа ахада ишазгәалҭаз ала, Будапешт украинатәи  «аҭынчра аформула» алахәызаара иақәшаҳаҭуп.  Каталин Новак иаҵшьны иазгәалҭеит Венгриа Урыстәылатәи аинтервенциа ишақәыӡбо.

Нанҳәа 23 рзы Венгриа ахада  «Ҟрымтәи аплатформа» афорум лхы алалырхәит, иара убас, Владимир Зеленски иҟны аиҿцәажәарақәа мҩаҧылгеит.