Ватикан имҩаҧысуеит Ивертәи Анцәа Иан лмозаика аартра ацеремониа
 Ватикан имҩаҧысуеит Ивертәи Анцәа Иан лмозаика аартра ацеремониа

Сынтәа, абҵара  27-28 рзы, Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Ватикан даҭаауеит, уаҟа иара Ивертәи Анцәа Иан лмозаика аартра ацеремониа ихы алаирхәоит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Аминистрра адыррала, иара убас,  аҭоурыхтә церемониа   рхы аладырхәоит  Ватикан акардинал  Фернандо Вергеси, Ватикан иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Қетеван Багратион-Мухрантәии, Қырҭтәыла Апатриархиа аделегациеи.

«Ватикан, раҧхьаӡа акәны, ақырҭуа аҭыӡсахьа аадыртуеит. Ватикан иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭеи, Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи, Қырҭтәыла Апатриархиеи Ватикан ақырҭуа мозаикақәа рҭыҧыркра азҵааразы активла аусура еиҭалагеит  2022 шықәса инаркны.

Аҭыӡсахьа давторуп еицырдыруа ақырҭуа асахьаҭыхҩы  Амиран Бакураӡе», — иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.