Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Рим даҭааин, лаҵара 18 рзы Ватикан имҩаҧысуа Римтәи Папа Лео XIV-тәи иинаугурациа ихы алаирхәоит
Қырҭтәыла ахада Михаил Ҟавелашвили Рим дыҟоуп. Арратә аеропорт „Чампино“ аҿы Қырҭтәыла ахада иҧылара ацеремониа мҩаҧган.
Михаил Ҟавелашвили лаҵара 18 рзы Ватикан имҩаҧысуа Римтәи Папа Лео XIV-тәи иинаугурациа ихы алаирхәоит.
Қырҭтәыла ахада ицу аделегациа иалоуп Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвилии, Жәыргьыҭи Цаишьии аепархиа анапхгаҩы, Қырҭтәыла Апатриархиа адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа рыҟәша ахантәаҩы, амитрополит Герасимеи, Қарҭтәи Адоуҳатә академиеи асеминариеи аректор, Сиони акафедралтә ныхабаа ахылаҧшҩы Гьаргь Звиадаӡеи.