The Wall Street Journal - Дональд Трамп  Иран аахара аплан дақәшаҳаҭхеит, иара макьана адҵа ҟаимҵацт, аха, аплан еиқәыршәоуп
The Wall Street Journal - Дональд Трамп  Иран аахара аплан дақәшаҳаҭхеит, иара макьана адҵа ҟаимҵацт, аха, аплан еиқәыршәоуп

Америка ахада Дональд Трамп Иран аахара аплан шьақәирҕәҕәеит. Иара аахаразы адҵа ҟаимҵацт, аха, The Wall Street Journal ишаанацҳаз ала, аплан еиқәыршәаны ирымоуп.

Аҭыжьымҭа адыррақәа рыла, анонимтә хыҵҵырҭақәа ринформациа инақәыршәаны, ажәылара мҩаҧгахар, раҧхьа иргыланы, Фордо иҟоу ауран арбеиара азауад иаахоит. Арратә експертцәа рҳәамҭала, зыӡбахәы ҳәоу азауад ашьхараҿ, адгьыл аҵан иҟоуп, абомбақәа рыхкқәа реиҳара уи аахара зрылшом. Ари ахықәкы нанагӡар алшоит абомба заҵәы  — GBU-57A.  Уи аныҟәгага заҵәы  — астратегиатә абомбакажьга  B-2 Spirit, Америка  мацароуп измоу.

«Аҩны шкәакәаҿы агәыҕра рымоуп хара имгакәа Иран ахатә иадертә программа мап ацәнакып ҳәа», — иануп аҭыжьымҭаҿы.

Убри аамҭазы, аҭыжьымҭа  Axios ишаанацҳаз ала, арратә операциа иалагаанӡа, Дональд Трамп арратә гарантиа иоур иҭахуп Америка арсеналаҿ иҟоу абункерқәа рықәхратә бомбақәа ари ахықәкы шынарыгӡоҵәҟьа азы. Дара рҳәамҭала, Дональд Трамп акәаҧтәи аахарақәа рынагӡара дазҿлымҳауп, иара акыраамҭала аибашьра аҽалагалара иҭахым.

Bloomberg адыррақәа рыла, америкатә ачынуаа дуқәа иааиуа амшқәа рзы Иран аахара иазыҧшуп.