The Times – Аҵыхәтәантәи амчыбжь азы  Владимир  Зеленски хынтә иқәлеит  
The Times – Аҵыхәтәантәи амчыбжь азы  Владимир  Зеленски хынтә иқәлеит  

«Аҵыхәтәантәи амчыбжь азы Украина ахада Владимир Зеленски хынтә иқәлеит,  аха,  Украина аибашьра иаҿагылоу Урыстәыла амаҵзура ҷыда аусзуҩцәа рыбзоурала Зеленски дырзымшьит», — иануп британиатәи аҭыжьымҭа  The Times аҿы.

Апубликациа инақәыршәаны,  Украина ахада ишьра адҵала атәылашҟа идәықәҵан 2 гәыҧк  —   «Вагнери» чечентәи аотриад ҷыдеи.

The Times аинформациала, «вагнераа» Киев Зеленски ишьра аҽазкраан ацәыӡ роуит. Иҟоу адыррақәа рыла,  Зеленски ишәарҭадара амаҵзура зыӡбахәы ҳәоу ақәлара иазкны аинформациа рыман.