Теа Ҵулукиани – Қырҭтәыла аполитбаандаҩцәа иҟам
Теа Ҵулукиани – Қырҭтәыла аполитбаандаҩцәа иҟам

«Қырҭтәыла аполитбаандаҩцәа иҟам,  убри аҟынтә урҭ рхақәиҭтәра алацәажәара иахәҭам», — илҳәеит акультуреи, аспорти, аҿар русқәеи рзы аминистр Ҭеа Ҵулукиани анапхгаратә гәыҧи аоппозициеи рыбжьара аиҿцәажәарақәа данрыалцәажәоз.

«Шәара Сенат аҿы имҩаҧысуаз аӡырӡырҩра шәахәаҧшуазар, уаҟа сара сакәӡам аҳәамҭа ҟасҵаз, америкатә аполитикатә спектр ахаҭарнакцәа роуп ицәажәоз. Дара иаартны ирҳәеит Ника Мелиа азакәан алагаразы дышҭаку. Ҳаргьы убасҵәҟьа ҳгәы иаанагоит, абас игәы иаанагоит ақырҭуа аӡбаҩгьы. Абри азҵаара ҳалацәажәаратәы изакәызаалак шьаҭак иҟам. Иара убас, изаамҭаным алхрақәа рымҩаҧгаразы мзызк иҟам.

Атәыла анҭыҵ иҟоу аоппозициаа ирыбжьазго акоуп, апарламент аҿы адемократиатә процессқәа рымҩаҧгара иаҧырхагамхарц. Аганқәа зегьы ирыбжьаргоит абри ахыбра иҩналаны, атәыла ишахәаша ала аус рурц», — илҳәеит Ҵулукиани.