Социалла ихьчам  1000ҩык раҟара астудентцәа Қарҭ ахадара аҟынтә аҵара ахәҧса ашәаразы аҧаратә цхыраара роуеит

 

 

Социалла ихьчам даҽа  1000ҩык раҟара астудентцәа аҵара ахәҧса ашәаразы  Қарҭ ахадара аҟынтә  аҧаратә цхыраара роуеит, — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе аҳҭнықалақь аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Калаӡе иажәақәа рыла, афинанстә цхыраара роуеит  асоциалтә базаҿы 150 000 абалл змоу, Қарҭ ашәҟәы иҭагалоу, зсоциалтә ҭагылазаашьа цәгьоу астудентцәагьы.