„СNN“ – Америка  Украина  „Петриот“ аракетаҭархагатә системақәа заанаҵы ианаҭоит
„СNN“ – Америка  Украина  „Петриот“ аракетаҭархагатә системақәа заанаҵы ианаҭоит

Америка  Украина  „Петриот“ аракетаҭархагатә системақәа заанаҵы ианаҭоит. Ари аинформациа аланарҵәеит  „СNN“.

Америка атәылахьчаратә департамент аҟынтә ателееилахәыра иаиуз адыррақәа рыла,  65ҩык украинатәи аруаа  „Петриот“ асистемақәа рхархәара аҵаратә курс иахысит, украинатәи арратә маҵзуҩцәа Европа атренингқәа ирхысуеит.

Амедиахархәага аинформациа инақәыршәаны,   мчыбхьқәак рышьҭахь Украина  „Петриот“ асистемақәа рхархәара алшоит.

„СNN“. адыррала„  Америка  „Абраҳамс“ атанкқәа Украина аҭара апроцессгьы дырласуеит.