Шықәсык иалагӡаны, абенефициарцәа зегьы аглаукомеи, агәы-шьадатә чымазарақәеи, арҧҳақәа рчымазарақәеи, ачымазара лаҽқәеи, ашьақар чымазара  «2-тәи ахки»,  Паркинсон ичымазареи, аепилепсиеи зыхәшәтәуа амедикаметқәа рзы инагӡаны афинансыркра роуеит

«Ачымазара лаҽқәа зыхәшәтәуа амедикаментқәа рпрограмма иаҳа иҭбаахоит», ари атәы еилкаахеит аиҳабыра реилатәара ашьҭахь.

Аҧыза-министр ипресс-маҵзура адыррала, аилатәараҿы ирыдыркылаз аӡбара инақәыршәаны, ажьырныҳәа 15 инаркны шықәсык иалагӡаны, иашьашәалоу акатегориа ма астатус змоу атәылауаа аглаукома ахәышәтәразы хәыда-ҧсада ахәшәқәа роуеит.

Иара убас, иашьашәалоу акатегориа иаҵанакәа абенефициарцәа, шықәсык иалагӡаны, афинансыркра наӡа роуеит абарҭ ачымазарақәа рхәышәтәразы: агәы-шьадатә чымазарақәеи, арҧҳақәа рчымазарақәеи, ачымазара лаҽқәеи, ашьақар чымазара  «2-тәи ахки»,  Паркинсон ичымазареи, аепилепсиеи.

«Зегьирзеиҧшу агәабзиарахьчара апрограммаҿ иҟалаз аиҭакрақәа рыдкьыслоит: социалла ихьчам ауааҧсыра  (100 000 еиҵны ареитингтә балл змоу), атәанчуаа, аветеранцәа, зылшарақәа маҷу ауааҧсыра, Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ауааҧсыра.