Шарль Мишель - Украина хашҭра зқәым ацәгьаура ҟалеит
Шарль Мишель - Украина хашҭра зқәым ацәгьаура ҟалеит

ЕВропатәи ахеилак ахада Шарль Мишель Киевтәи аокруг иаҵанакуа ақалақь Бородианка даҭааит.

Ари атәы Шарль Мишель “Твиттер” аҿы ааицҳаит.

“Бородианка, Буча Украина егьырҭ ақалақьқәа рҿы хашҭра зқәым ацәгьаура ҟалеит, аҭынчра ашьақәыргылара аиашада ҟалом”, – иҩит Шарль Мишель.