Шарль Мишель -  Евроеидгыла Украиназы Маршалл иплан анагӡара иалагоит
Шарль Мишель -  Евроеидгыла Украиназы Маршалл иплан анагӡара иалагоит

«Евроеидгыла Украиназы Маршалл иплан анагӡара иалагоит», — иҳәеит Европатәи Ахеилак ахада  Шарль Мишель агентра  «Интерфакс-Украина» аинтервиу анеиҭоз.

Шарль Мишель игәаанагарала, Варшава имҩаҧысраны иҟоу адонорцәа рконференциаҿы Украиназы Маршалл иплан анагӡара рыӡбоит.

«Ҳара хымҧада уи ҟаҳҵароуп, иҳалшо ала Украина ҳацхраароуп. Ҳазну ашәышықәсазы Украина имҩаҧысуа аибашьра ауаатәыҩсара зегьы азы арыцҳара дууп, убри аҟынтә, алидерцәа зегьы иахьа еидгыланы, аргама аарыцҳароуп дара ҕәҕәала Украина ишадгыло, ажәала мацара акәымкәа, аконкреттә аӡбарақәа рылагьы  — аӡбарақәа ҳҭахуп, аҧара ҳҭахуп, акоординациа ҕәҕәа ҳҭахуп, аполитикатә ҭаххара ҳҭахуп», — иҳәеит  Мишель.

Иара убас, Мишель, афонд ахархәаразы 3 хықәкык аликааит. Раҧхьа иргыланы, агуманитартә цхыраара. Аҩбатәи ахықәкы — аликвидра, ахҧатәи — атәыла аиҭашьақәыргылара.

Украина ацхраара иазку жәларбжьаратәи адонорцәа рконференциа мҩаҧысуеит Польшеи Швециеи, Европатәи Ахелаки Еврокомиссиеи рыдгылара ала.