Шарль Мишель  Азербаиџьани Шәамахьтәылеи рлидерцәа реиҧылара иазку аинформациа алаирҵәеит
Шарль Мишель  Азербаиџьани Шәамахьтәылеи рлидерцәа реиҧылара иазку аинформациа алаирҵәеит

Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель  Азербаиџьани Шәамахьтәылеи рлидерцәа реиҧылара иазку аинформациа алаирҵәеит. Иара иажәақәа рыла, Илҳам Алиеви Никол Ҧашиниани иаҵшьны иазгәарҭеит Аахыҵ Кавказаҿ аҭынчра ашьақәыргылара ишазҿлымҳау.

Шарль Мишель иҳәамҭала, х-ганктәи аиҧылараҿы, алидерцәа, аҳәаатә зҵаарақәа рзы ҩ-ганктәи аиҧыларақәа реиҭашьақәыргыларазы еиқәшаҳаҭхеит, иара убас, ишьақәдырҕәҕәеит   Шәамахьтәыла аҵакырадгьылтә акзаареи Азербаиџьан аҵакырадгьылтә акзаареи иазку  1991 шықәсатәи Алма-Ататәи адекларациа ишақәшаҳаҭу.

Шарль Мишель Азербаиџьанахь ааҧхьара ҟаиҵеит Ҟарабах иқәынхо ауааҧсыра рҟны иаарту аконструктивтә диалог еиқәдыршәарц.