Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа лаҵара  19 рзы Москва еиҧылоит
Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа лаҵара  19 рзы Москва еиҧылоит

«Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа лаҵара  19 рзы Москва еиҧылоит», —  илҳәеит Шәамахьтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ипресс-маӡаныҟәгаҩ  Ани Бадалиан аҭыҧантәи ажурналистцәа данрацәажәоз.

Иҳаҩсыз амчыбжь азы  Арарат Мирзоиани Џьеихун Баирамови, Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен ибжьацәажәарала, Вашингтон ҧшьымштәи аиҿцәажәарақәа мҩаҧыргеит.

Убри анеҩс Азербаиџьан адәныҟатәи аусқәа рминистр Баирамов ишиҳәаз ала, аиҿцәажәарақәа раан аҭынчратә аиқәшаҳаҭра пунктқәак рзы еиқәшаҳаҭхеит.