Шәамахьтәыла Аҧыза-министр Никол Ҧашиниан инапынҵақәа шьҭеиҵеит
Шәамахьтәыла Аҧыза-министр Никол Ҧашиниан инапынҵақәа шьҭеиҵеит

Шәамахьтәыла Аҧыза-министр Никол Ҧашиниан инапынҵақәа шьҭеиҵеит.

Иара ишиҳәаз ала,  рашәара 20 рзы изаамҭаным апарламенттә алхрақәа мҩаҧысаанӡа, иара, аамҭала, аиҳабыра рнапхгаҩы инапынҵақәа наигӡоит.

Алхрақәа ирылахәхәоит анапхгаратә партиа  «Атәылауаҩратә аиқәшаҳаҭра», Ҧашиниан, ари апартиа аҟынтә, Аҧыза-министр иҭыҧ азы кандидатс дықәгылоит.  «Ажәлар сара Аҧыза-министр иҳасабала снапынҵақәа шьҭасҵароуп ҳәа ргәы иаанагозар, сара ргәазыҳәара насыгӡоит. Аха, Аҧыза-министрс сыҟазароуп ҳәа ирыӡбар, уигьы насыгӡоит», — иҳәеит Ҧашиниан.