Шалва Наҭелашвили аиҿцәажәарақәа аанижьит
Шалва Наҭелашвили аиҿцәажәарақәа аанижьит

«Алеибористтә партиа» алидер Шалва Наҭелашвили  Евроеидгыла ахаҭарнакраҿы имҩаҧысуа атәыла анапхгареи аоппозициааи реиҧылара аанижьит.

«Аргама аасыцҳар сҭахуп Алеибористтә партиа аиҿцәажәарақәа ишрылҵуа, избанзар урҭ рҿы аҿыц алхрақәа рымҩаҧгара иалацәажәом, аполибаандаҩцәа рхақәиҭтәра азҵаара ахадара амам, закәандарала иаанкылоу Ника Мелиа дҳадтәалам», — иҳәеит Шалва Наҭелашвили.