Шьалуа  Папуашвили – Жьҭаара 4 рзы, асааҭ 4 рзы, алхырҭақәа рҿы амчылаҩцәа ириааиз  Қырҭтәыла ауааҧсыра   „ихаздырӡомызт“ „ҳгәы иаанагомызт“ ҳәа аркьиара рыдыркылом
Шьалуа  Папуашвили – Жьҭаара 4 рзы, асааҭ 4 рзы, алхырҭақәа рҿы амчылаҩцәа ириааиз  Қырҭтәыла ауааҧсыра   „ихаздырӡомызт“ „ҳгәы иаанагомызт“ ҳәа аркьиара рыдыркылом

«Рызынтәгьы зегьы рдыруан. Жьҭаара 4 рзы, асааҭ 4 рзы аиҳабыра рыхҳәаразы ишдәықәлоз рдыруан, убри аҽныҵәҟьа зегьы хдыркәшараны иҟан», — иҩит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Рызынтәгьы ибзианы ирдыруан атәыла анапхгара мацара ракәымкәа, рхатә тәыла  аҧеиҧш ахҳәаразы ишцоз.

«Рызынтәгьы зегьы рдыруан. Жьҭаара 4 рзы, асааҭ 4 рзы аиҳабыра рыхҳәаразы ишдәықәлоз рдыруан, убри аҽныҵәҟьа зегьы хдыркәшараны иҟан. Аполитикцәагьы ирдыруан, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәагьы, аҿаргьы аҭаҳмадацәагьы, аҵара змоугьы измамгьы, зегьы ирдыруан асааҭ 4 рзы зегьы хдыркәшараны ишыҟаз.  Убри аҽны Ахақәиҭра ашҭаҿ игылаз ауаа зегьы ибзианы ирдыруан уахь изнеиз. Атәыла анапхгара мацара ракәымкәа, рхатә тәыла аҧеиҧш ахҳәаразы изнеиз рдыруан.

Уажәшьҭа, абри зегьы ианыҟала ашьҭахь, жьҭаара 4 рзы, асааҭ 4 рзы, алхырҭақәа рҿы амчылаҩцәа ириааиз  Қырҭтәыла ауааҧсыра   „ихаздырӡомызт“ „ҳгәы иаанагомызт“ ҳәа аркьиара рыдыркылом», — иҩит Папуашвили.