Шьалуа  Папуашвили – Урыстәылаҟа аҧыррақәа раанкыларагьы реиҭашьақәыргыларагьы ганкалатәи аӡбара акәын, Қырҭтәыла ари аӡбаразы изакәызаалак ныррак амамызт
Шьалуа  Папуашвили – Урыстәылаҟа аҧыррақәа раанкыларагьы реиҭашьақәыргыларагьы ганкалатәи аӡбара акәын, Қырҭтәыла ари аӡбаразы изакәызаалак ныррак амамызт

Урыстәылаҟа аҧыррақәа раанкыларагьы реиҭашьақәыргыларагьы ганкалатәи аӡбара акәын, Қырҭтәыла ари аӡбаразы изакәызаалак ныррак амамызт, — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Урыстәыла ахада Владимир Путин иҟаиҵаз аҳәамҭа данахцәажәоз.

«Ибзианы иҳгәалашәоит  2019 шықәсазы Урыстәылаҟны ишиашо авиаеимадара анаанкылаз, мраҭашәаратә ҳколлегацәагьы Урыстәылахь ааҧхьара шыҟарҵоз  ари асанкциа  аҧыхра иазкны. Аха, усҟан Урыстәыла ари ааҧхьара иазҧхьагәарымҭеит.  Уажәы ганкала аӡбара рыдыркылеит. Ганкахьала, ҳара ари аӡбаразы изакәызаалак ныррак ҳамамызт, егьи аганахьала, Урыстәыла Қырҭтәыла ииашамкәа иазышьақәнаргылаз  асанкциақәа аҧыхуп», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.

Урыстәыла ахада Владимир Путин иҳәеит: «Сгәы ишаанагоз ала, Қырҭтәыла анапхгара авизақәа раҧыхреи анормалтә авиаеимадара аиаҭашьақәыргылареи иазкны изныкымкәа азҵаара иқәдыргылахьан, ҳара иашьашәалоу ашьаҿа ҟаҳҵеит».