Шьалуа Папуашвили – Украина аҭагылазаашьа цәгьоуп, аибашьра амҩаҿахҵәа иҭагылоуп, абри акәын Қырҭтәылагьы иҟалар ирҭахыз, аха, ҳаиҳабыреи ақырҭуа жәлари абри аҟынтә ҳтәыла еиқәдырхеит
Шьалуа Папуашвили – Украина аҭагылазаашьа цәгьоуп, аибашьра амҩаҿахҵәа иҭагылоуп, абри акәын Қырҭтәылагьы иҟалар ирҭахыз, аха, ҳаиҳабыреи ақырҭуа жәлари абри аҟынтә ҳтәыла еиқәдырхеит

Украина аҭагылазаашьа цәгьоуп, дара аибашьра анагӡарагьы ахыркәшарагьы рылшом, – иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла анапхгара ҷыдала ргәы рҽанын, избанзар, атәыла арбгаратә еибашьра амҩа ианын.

„Адәныҟатәи амчқәеи, аҩныҵҟатәи аоппозициеи, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи аибашьра аҽалагалара ҳадарцалар анырҭахыз, ҳара иаартны ираҳҳәеит  ақырҭуа жәлар абри аҩыза аибашьрақәа шалаго, нас ишхыркәшахо  шырдыруа. Убри аҟынтә, Қырҭтәыла анапхгара ҷыдала ргәы рҽанын, избанзар, арбгаратә еибашьра алагара ашәарҭара ҳҭагылан. Адәныҟатәи амчқәеи ҳоппозициеи уи ҳадарцалар рҭахыцн. Украина аҭагылазаашьа цәгьоуп, аибашьра амҩаҿахҵәа иҭагылоуп, абри акәын Қырҭтәылагьы иҟалар ирҭахыз, аха, ҳаиҳабыреи ақырҭуа жәлари абри аҟынтә ҳтәыла еиқәдырхеит. Аибашьра анагӡара уадаҩуп, ахыркәшарагьы имариам. Ахада Зеленски иацы иҟаиҵаз аҳәамҭагьы уи шьақәнарҕәҕәоит. Украина ихәарҭам ҩ-вариантк рҟынтә ак алнахроуп. Уи ҳара ҳҿы иҟалазҭгьы, ҳаргьы алҵшьак ҳамамкәа ҳаанхон. Атәыла анапхгареи ақырҭуа жәлари  абри зегьы аҟынтә ҳтәыла еиқәдырхеит“, – иҳәеит Папуашвили.