Шьалуа Папуашвили – ВВС аҭҵаарақәа агәҩара ҳазцәырыргеит, Кезерашвили аполитикеи, иҳәынҭқарратым асектори, АИХқәеи рзы  инихыз аҧара арбџьармчқәеи европатәи апенсионерцәеи ирцәиҕьычзар ҟалап
Шьалуа Папуашвили – ВВС аҭҵаарақәа агәҩара ҳазцәырыргеит, Кезерашвили аполитикеи, иҳәынҭқарратым асектори, АИХқәеи рзы  инихыз аҧара арбџьармчқәеи европатәи апенсионерцәеи ирцәиҕьычзар ҟалап

Апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили иҳәамҭала, ВВС аматериалқәа даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит европатәи атәанчуаа рцәырҳәра иазкыз аколл-центрқәа рсхема Давиҭ Кезерашвили ишидҳәалоу.

«Арҭ аматериалқәа даҽазнык ишьақәдырҕәҕәоит аус злоу. Рыцҳарас иҟалаз, Кезерашвили Европаҿ иҽаҵәахуеит, уаантәи ҳтәылаҿ аилаҩынтәра еиҿикаар иҭахуп.  Иара ихаҭа иазхеиҵеит аполитикатә партиақәеи, иҳәынҭқарратәым асектори, АИХқәеи аҧара шырзоуижьҭуа, аханатә ҳбџьармчқәа 5 миллион зцәиҕьычыз ауаҩы, анеҩс, европатәи атәанчуаагьы аҧара рцәиҕьычит, ари ауаҩы ишиашо ақырҭуа политика дадҳәалоуп. Абри ауп ҳара ҳазлацәажәо, аха, рыцҳарас иҟалаз, Саакашвили иаан иҟалаз агха еиҭаҟалеит, Кезерашвилигьы Европа иҽицәахуа, уаантәи араатәи аҭагылазаашьа иҽалеигалоит», — иҳәеит  Папуашвили.

Иара иажәақәа рыла, ақырҭуа аган агәыҕра ду рымоуп европатәи атәылақәа ари азҵаара хшыҩзышьҭра азуны, Кезерашвили, иҟаиҵаз ацәгьаурақәа рзы ахьырхәра иоурц азыҳәан Қырҭтәыла дарҭап ҳәа.