Шьалуа Папуашвили - Қырҭтәыла иаҿагыланы излагаз акампаниа алҵшәа ахылҵуам, Бриуссель ажәа иаша иаҿагылоит, Қырҭтәылаҿы зхы иақәиҭу амедиа иадыркыр рҭахуп
Ҳаҭыр зқәу Раса лҟынтә ақәмақаррақәа ҳаҳауеижьҭеи акырҵуеит, лара ақырҭуа жәлар дырҿагыланы афашисттә аҳәамҭақәа ҟалҵоит, избанзар, ҽакала арҭ ақәмақаррақәа рзынагӡом, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Иара иажәақәа рыла, Бриуссель ажәа иаша иаҿагылоит, уи ауп ихадоу.
„Аҵыхәтәантәи аамҭазы иаабогьы иҳаҳауагьы ирҭбаау аконтекст аҿы ҳахаҧшроуп. Европарламент иаднакылаз аӡбара ала еиуеиҧшым атәым мчқәа Қырҭтәылаҿы зхы иақәиҭу амедиа иадыркыр рҭахуп. Дара Қырҭтәыла аҿагыларазы миллионла аҧара нырхуеит, аха, рпропаганда алҵшәа шахылымҵуа рдыруеит. Ҳаҭыр зқәу Раса лҟынтә ақәмақаррақәа ҳаҳауеижьҭеи акырҵуеит, лара ақырҭуа жәлар дырҿагыланы афашисттә аҳәамҭақәа ҟалҵоит, избанзар, ҽакала арҭ ақәмақаррақәа рзынагӡом“, – иҳәеит Папуашвили.