Шьалуа Папуашвили - Қырҭтәыла аметрополиа ринтересқәа ирықәныҟәо аҿықәантәи аколониа акәӡам, ақырҭуа жәлар рзы „анаместникцәеи“ „аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩцәеи“ раамҭа лашьца ииасхьеит
Шьалуа Папуашвили – Қырҭтәыла аметрополиа ринтересқәа ирықәныҟәо аҿықәантәи аколониа акәӡам, ақырҭуа жәлар рзы „анаместникцәеи“ „аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩцәеи“ раамҭа лашьца ииасхьеит
Ҳаҭыр зқәу Ҳерчински диашоуп, ақырҭуа жәлар рзы аамҭа лашьца ииасхьеит. Усҟан атәым мчқәа акәылӡхылҧақәа рыла ҳархәаҽыр рҭахын. Усҟан абас иҟан, уажәгьы абасоуп ишыҟоу“, – иҩит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили асоциалтә аҳаҿы.
Папуашвили иажәақәа рыла, „зегьы атәылеи, аҳәынҭқарреи, амилаҭи пату рықәырҵароуп“.
„Жьҭаара 4 рзы иҟалаз амчылара иадгылоз ауаа иахьа амчыларазы иҳацәажәоит. Ауаҩы изинқәа лазырҟәоз, ауаа зыргәаҟуаз арежим амцҳәарала ирқьиара зҭаху амчқәа аамҭа лашьцазы иҳацәажәоит.
Ақырҭуа жәлар рхаҿсахьаҵәҟьа аадырҧшит 2024 шықәсазы. Арҭ ауаа дара рхала рҧеиҧш рыӡбоит, рпринципқәа рыхьчоит, иалырхыз амҩа иазықәҧоит. 2024 шықәсатәи алхрақәа раан ҳажәлар ҳбеит. Ҳпатриарх даныҧсы ҳажәлар ҳбеит. Мышәқак рышьҭахь, лаҵара 17 рзы даҽазнык ҳажәлар ҳбоит – еидгыло, иҕәҕәоу, зпринципқәеи зҷыдаҟазшьареи иазгәыку ҳажәлар. Абри аҭагылазаашьаҿы ацҳаражәҳәаҩ „ажәлар“ ҳәа аҳәара ихәҭам, уи аполитикатә цинизмуп.
Қырҭтәыла еснагь аконструктивтә диалог иазыхиоуп, Бриуссель ибзианы ирдыруеит хымҧада иҟаҵатәу. Қырҭтәыла аганахьала агрессиатә риторика аҵыхәа ҧҵәатәуп, иалху аиҳабыра рганахьала ажәыларақәа иаҟәыҵроуп. Ақырҭуа жәлар ирҿагыло аҕаратә резолиуциақәа аҧыхтәуп. Аизыҟазаашьақәа апатуеиқәҵара рыцымзар, апартниорра зыҟалом. Қырҭтәыла аметрополиа ринтересқәа ирықәныҟәо аҿықәантәи аколониа акәӡам, ақырҭуа жәлар рзы „анаместникцәеи“ „аҩбатәи амаӡаныҟәгаҩцәеи“ раамҭа лашьца ииасхьеит“, – иҩит Шьалуа Папуашвили.