Шьалуа Папуашвили - ОБСЕ Апарламенттә ассамблеиа — аҳәынҭқарратә институтқәа ржәылара ҟалом, абоикот ииашам ҳәа зҳәаз аиҿкаара заҵәуп, Евроеидгыла абарҭ 2 фактк иазхарҵаратәы ҳзыҟамҵеит
ОБСЕ Апарламенттә ассамблеиа — аҳәынҭқарратә институтқәа ржәылара ҟалом, абоикот ииашам ҳәа зҳәаз аиҿкаара заҵәуп, Евроеидгыла абарҭ 2 фактк иазхарҵаратәы ҳзыҟамҵеит», — иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили Қырҭәтыла Актәи аканал адырраҭара «Амш атема» аы даныҟаз.
Папуашвили иажәақәа рыла, Евроеидгыла ахаҭарнакцәа рҟынтә абарҭ 2 фактк аӡәгьы иазхеимҵеит.
«Ҳара ОБСЕ Апарламенттә ассамблеиа ҳаҭабууп. Дара ахадаратә ҵакы змоу 2 зҵаарак ирылацәажәеит. Актәи — аҳәынҭқарратә органқәа рганахьала амчылара шыҟамло рҳәеит. Уажәазы ОБСЕ Апарламенттә ассамблеиа — аҳәынҭқарратә институтқәа ржәылара ҟалом ҳәа зҳәаз аиҿкаара заҵәуп. Аҩбатәи — абоикот аполитикатә процесс альтернативас изыҟалом, дара абригьы иаҵшьны иазгәарҭеит. Абри аиашагьы ОБСЕ Апарламенттә ассамблеиа мацароуп изҳәаз. Абарҭ имариоу атезисқәа аиҧыларақәа зегьы рҿы дара рҟынтә иҳаҳауан. Евроеидгыла ахаҭарнакцәа рҟынтә уаҳа аӡәгьы абри имариаӡоу аиашара иазхеимҵеит», — иҳәеит Папуашвили.
«Кос илҳәо иџьоушьаратәы иҟоуп. Лара дызлацәажәо атәылаҿ аҭагылазаашьа зеиҧшроу лыздырӡом. Ҳара Евроеидгыла абарҭ 2 факторк иазхарҵаратәы ҳзыҟамҵеит. Аҳәынҭқарратә институтқәа ржәылара ҟалом, абоикот ииашам ҳәа зырымҳәои, Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ уи зиимҳәои? Избанзар, уи рҳәар, дара рхаҭа арадикалтә оппозициа ирырҭоз ацхыраара рцәыргар акәхоит. Апрезидентәт ахан аҧхьа амчылара арқьиара алшара рцәыӡоит. Наҟ-наҟ иҟалар зылшо амчылара арқьиара алшара рцәыӡоит. Убри азоуп изырымҳәо. Абасоуп иахьатәи алабҿабара шыҟоуп, уи угәы иалсратәы иҟоуп», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.