Шьалуа  Папуашвили – Нанҳәатәи еибашьра ҟалеижьҭеит  17 шықәса ҵит, уи Аҧснытәи еибашьра ашьҭахь имҕьацыз ахәра аанартит, ҳара Қырҭтәыла аҭоурых ҿыц ҳхашҭуам
Шьалуа  Папуашвили – Нанҳәатәи еибашьра ҟалеижьҭеит  17 шықәса ҵит, уи Аҧснытәи еибашьра ашьҭахь имҕьацыз ахәра аанартит, ҳара Қырҭтәыла аҭоурых ҿыц ҳхашҭуам

«Аҭоурых иахьынӡаҳгәалашәо, уи иаҳнарҵо рацәоуп. Ҳаҧсадгьыл аҭоурых ҿыц ахаангьы иҳхашҭуам», — иҩит Қырҭтәыла апарламент аханәтаҩы Шьалуа папуашвили асоциалтә аҳаҿы.

«Нанҳәатә еибашьра ҟалеижьҭеит  17 шықәса ҵит, уи  33 шықәса раҧхьа иҟалаз Аҧснытәи еибашьра ашьҭахь имҕьацыз ахәра аанартит.

Ес-15 шықәса аибашьреи ашьакаҭәареи… Аибашьрақәа раан афырхацәа рыҧсадгьыл рхы ақәырҵоит, аха, зыҧсадгьыл џьоукы рнапаҿы акьанџьас иҟазҵар зҭаху, зыҧсадгьыл аинтересқәа иатәазымбо  аполитикатә авантиуристцәагьы цәырҵуеит.

2008 шықәсатәи аибашьра иазкны имаҷымкәа иҩуп, ауаа рацәа рфырхаҵара аарҧшуп, аха, ауаа рацәа рхарагьы аарҧшуп. Ҧшьышықәса ҵуеит абри зегьы даҽа ҵакык аиуижьҭеи. Ҳара  2008 шықәсатәи ахҭысқәа ҽакала ҳрыхәаҧшуа ҳалагеит. Украина имҩаҧысуа аибашьра лабҿаба иҳнарбеит ҳтәыла аҿаҧхьа изакәытә шәарҭароуп иҟоу.

2008 шықәсазы иубарҭамыз лабҿаба иубарҭахеит  2022 шықәсазы: Украина иалагаз аибашьра Мраҭашәареи Урыстәылеи рстратегиатә еиҿагылара даҽа епизодк акәхеит. Агәманитартә катастрофа, атәыла аҕаррахара, адемографиатә рыцҳара, аҳәынҭқаррара ацәыӡбра ашәарҭара  —  абри зегьы иаанаго ибзианы еилаҳкаауеит, избанзар абри ауп  2008 шықәсазы Қырҭтәыла усҟантәи анапхгара иазымхәыцкәа, гәымбылџьбарала ирҭииз.

Атәыла иеиҷаҳауа анапхгара атәыла аиқәырхареи амилаҭтә интересқәа рыхьчареи ауп хықәкыс ирымоу. Уи  — ашьаҭа хадоуп, абри ашьаҭоуп апартиа  «Ақырҭуа гәахәтәи» Биӡина Иванишвили аханатәгьы ирыхьчоз.

Иахьа уажәраанӡагьы атәылаҿ аилаҩынтәра еиҿызкаауаз апартиақәеи иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи хықәкык азы рҽеидыркылеит  —  ҳтәыла Аҩбатәи адунеитә еибашьра анеҩс Европаҿ зегьы реиҳа зымҽхак дуу аиҿагылара аҽаланагалар рҭахуп.

Ҳара иаҳхамшҭроуп: Қырҭтәылазы ашәарҭара хада  — аҩныҵҟатәи аҕа иоуп. Ҳҭоурых зегьы ҳахәаҧшыр, абааш еснагь аҩныҵҟала абгара иалагон. Дара иахьагьы ҳтәыла арбгара иазҿлымҳауп, аилаҩынтәреи аимакқәеи ирызҿлымҳауп, ҳаҕа заҵәы иоуп уи зҭаху.

Дара мзызк мацараз анапхгарахьы ихынҳәыр рҭахуп  — апсевдоевропатәи алогунгқәа рыла ҳтәыла арыцҳара иҭадыргылар рҭахуп.  2008 шықәсазгьы абасҵәҟьоуп ишыҟарҵаз.

Ҳуааҧсыра реиҳара уи ибзиаӡаны иргәалашәоит. Аҭоурых иахьынӡаҳгәалашәо, уи иаҳнарҵо рацәоуп. Ҳаҧсадгьыл аҭоурых ҿыц ахаангьы иаҳхашҭуам.

Ахьӡ-аҧша рымазааит  ҳаҧсадгьыл рхы ақәызҵаз ҳфырхацәа!», — иҩит  Шьалуа  Папуашвили.