Шьалуа Папуашвили Мальта апарламент адәныҟатәии европатәи азҵаарақәа рылахәылацәа дырԥылеит
Шьалуа Папуашвили Мальта апарламент адәныҟатәии европатәи азҵаарақәа рылахәылацәа дырԥылеит

Қырҭтәыла апарламент ахантәҩы Шьалуа Папуашвили Мальта апарламент адәныҟатәии европатәи азҵаарақәа рылахәылацәа дырԥылеит. Мальтатәи апарламентарцәа Қырҭтәыла атерриториатә акзаареи асуверенитети шрыдгыло шьақәдырӷәӷәеит, аиара убас Қырҭтәыла Евроеидгыла алалара аҽазкра адгылара азаадырԥшит.

Шьалуа Папуашвили Мальта апарламент адәныҟатәии европатәи азҵаарақәа рылахәылацәа иҭабуп ҳәа раиҳәеит адгыларазы, Евроеидгыла арекомендациақәа рынагӡара ахырхарҭала Қырҭтәыла апрогресс иазкны адырра риҭеит.

Аиԥылараҿ ҩтәылак рпарламентқәа русзуреи, сынтәатәи ашықәс амш аусхәаԥштәи, Амшын еиқәа арегион аԥхьа иҟоу ааԥхьарақәеи, Қырҭтәылеи Мальтеи рыбжьара ҩганкалатәи аусеицуреи аизыҟазаашьақәеи рырҭбаара алшарақәа рыхцәажәеит.