Шьалуа  Папуашвили – Ҳара ҳхықәкы  - ҳтәыла ауааҧсыра рыбзазашьа аиҕьтәреи, насгьы, зегьы реиҳа ихадоу – агеополитикатә турбулентраан аҭынчра ахьчареи ауп
Шьалуа  Папуашвили – Ҳара ҳхықәкы  - ҳтәыла ауааҧсыра рыбзазашьа аиҕьтәреи, насгьы, зегьы реиҳа ихадоу – агеополитикатә турбулентраан аҭынчра ахьчареи ауп

«Ҳара ҳуааҧсыреи ҳтәылеи ҳрызхәыцуеит, жәабраназ ааҧынратәи асессиа иалагоит. Иаци иахьаеи аҧыза-министр визитла Абу-Даби дыҟан, аинвестициатә пакет ду азы еиқәшаҳаҭхеит, Қырҭтәыла аиҳабыра ажәлар рмышхәыбзазара аиҕьтәра иазхәыцуеит», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла, аекономикатә азҳара аганахьала, аҧхьагылара амоуп.

«Аекономикатә азҳара аласра аганахьала аҧхьагылара ҳамоуп. Балтиатәи атәылақәа рминистрцәеи Германтәыла апарламент адепутатцәеи абрахь иааны амитингқәа анеиҿыркаауа, аилаҩынтәра аҧҵара анырҭаху аамҭазы, ҳара уезгьы, аҿиара наҳагӡоит. Ҳара ҳхықәкы  – ҳтәыла ауааҧсыра рыбзазашьа аиҕьтәреи, насгьы, зегьы реиҳа ихадоу – агеополитикатә турбулентраан аҭынчра ахьчареи ауп, избанзар, ҳхықәкы хада  – ҳтәыла аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылара – акгьы  иаҧырхагамхароуп. Иҟаҳҵо зегьы абри ауп изызку, дарбанзаалак аӡәы ари  ахықәкы анагӡара аҧырхагахара  азин иаҳҭом», — иҳәеит  Папуашвили.