Шьалуа Папуашвили - Евроеидгыла иалоу уаанӡа Асовет Еидгыла иалазатәылақәа ақырҭуа жәлари анапхгареи рганахьала ажәылара афон аҿы зҵаарак еиҭа ицәырҵуеит, ари азҵааразы аҭак ҟарҵеит ақырҭуа алхыҩцәа 54%, уажәы ари азҵаара ҳтәылауаа зегьы аҭак азыҟарҵароуп - Анапхгара азҭо ма напхгара ззыруа шәыҟазар шәҭахума?
Евроеидгыла иалоу уаанӡа Асовет Еидгыла иалазатәылақәа ақырҭуа жәлари анапхгареи рганахьала ажәылара афон аҿы зҵаарак еиҭа ицәырҵуеит, ари азҵааразы аҭак ҟарҵеит ақырҭуа алхыҩцәа 54%, уажәы ари азҵаара ҳтәылауаа зегьы аҭак азыҟарҵароуп – Анапхгара азҭо ма напхгара ззыруа шәыҟазар шәҭахума? – асоциалтә ҳаҿы иҩит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Лиетува иҵегьы 17-ҩык ақырҭуа чынуаа асанкциақәа рзышьақәнаргылеит, урҭ дреиуп аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе. Естониа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Маргус Цаҳкна ишааицҳаз ала, Естониа иҵегьы 14-ҩык ақырҭуа чынуаа асанкциақәа рзышьақәнаргылеит, урҭ дреиуп аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе. Уаанӡа Лиетувеи Естониеи рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа ртәылақәа рҭаара зин змам Қырҭтәыла атәлауаа рсиа аладырҵәеит.