Шьалуа Папуашвили – Евроеидгыла ацҳаражәҳәарҭа аҟынтә еилаҳкаар ҳҭахуп дара агәымхаратә схема европатәи аҧара аларҵама, ақырҭуа закәан авсразы имцырку иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рхы иадырхәозма
«Евроеидгыла ацҳаражәҳәарҭа аҟынтә еилаҳкаар ҳҭахуп дара агәымхаратә схема европатәи аҧара аларҵама, ақырҭуа закәан авсразы имцырку иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рхы иадырхәозма», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Иара иажәақәа рыла, аҳәаанырцәтәи аҧара ақырҭуа политикаҿы аҭыҧ амам, избанзар уи жәларбжьаратәи аиҿкаара еиланагоит, Евроеидгыла ахьӡ ланарҟәоит.
«Еврокомиссар Кос илҳәаз ҳаҳаит, дара ақырҭуа закәан иавсны рхатә аиҿкаарақәа аҧара шрырҭаша иазхәыцуеит. Схемақәак уаанӡагьы ирыман, уажәы асхема ҿыцқәа еиҿыркаауеит. Еиҭасҳәар сҭахуп: ҳара Қырҭтәыла аполитика аҧара алаҵареи Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аполитиказы анырреи иазку агәымхаратә схемоуп ҳазлацәажәо. Ҳара лабҿаба иаабоит европатәи аструктурақәа ари апроцесс ишалахәы. Казармак аартны имцырку иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа аҧырҵоит, урҭ рхархәарала, ақырҭуа закәан еилаганы, ҳтәылашҟа аҧара ииаргар рҭахуп.
Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, аҳәаанырцәтәи аҧара ақырҭуа политикаҿы иаҭыҧым. Уи жәларбжьаратәи аиҿкаара еиланагоит, Евроеидгыла ахьӡ ланарҟәоит.
Евроеидгыла ацҳаражәҳәарҭа аҟынтә еилаҳкаар ҳҭахуп дара ари агәымхаратә схема европатәи аҧара аларҵама, ақырҭуа закәан авсразы имцырку иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рхы иадырхәозма», — иҳәеит Шьалуа Папуашвили.