Шьалуа Папуашвили – Бриуссель иара ахаҭа иҟанаҵо зегьы егьырҭ ирхаранаҵоит, ҳзакәанҧҵара алагьы алоббисттә усура аартызаара иазҧхьагәаҭоуп, Бриуссель ақырҭуа закәанҧҵара иақәныҟәааит
«Бриуссель иара ахаҭа иҟанаҵо зегыь егьырҭ ирхаранаҵоит, ҳзакәанҧҵара алагьы алоббисттә усура аартызаара иазҧхьагәаҭоуп», — иҳәеит апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.
Папуашвили Европарламент асаитаҿ икьыҧхьыз аинформациа иазкны иазҵааит. Ари аинформациа инақәыршәаны, Европарламент Евроеидгылаҿы ахҧатәи атәылақәа рлобирра аартызаареи иашьашәалоу ареестр аҧҵареи иазку азакәан иадгылеит.
«Аханатә, абарҭ арегулиациақәа рыдкылара ҳаналацәажәоз, дара ари апроцесс хдырҧеит, избанзар зны русқәа еилдыргар акәын. Ҳара атәым анырра аартызаара аҳәара азин ҳамамзшәа аадырҧшыр рҭахын. Ҧыҭраамҭак анҵы, уажәы ари азҵаара ҽакала иаадырҧшыр рҭахуп, дара рызнеишьа Қырҭтәыла азнеишьа еиҧшымзшәа. Уи амцҳәароуп. Иахьа Бриуссель амцҳәара символс иҟалеит. Бриуссель иара ахаҭа иҟанаҵо зегьы егьырҭ ирхаранаҵоит, убри ауп иҩбоу астандартқәа иаанаго, ҳзакәанҧҵара алагьы алоббисттә усура аартызаара иазҧхьагәаҭоуп, Бриуссель ақырҭуа закәанҧҵара иақәныҟәааит
Ҳтәылаҿы бриуссельтәи аҧара амшала ауаа еиҿадыргылар рҭахуп, уи иҧхашьагоуп. Дара аҧара ззыршәо иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа атәыла анапхгареи апарламенти ирҿагыларц азыҳәа ицәырыргеит. Ҵыҧх апарламент ахыбра рблыр рҭахын, уажәы, рхатә интересқәа рыхьчаразы алоббизм аартызаара иаҳәоит. Уажәшьа, Бриуссель, маӡала аҧара рзоушьҭра иаҟәыҵны, ақырҭуа закәаҧҵара иақәныҟәааит», — иҳәеит Папуашвили.