Шьалуа Папуашвили – Бриуссель аизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара рҭахызар, европатәи апринципқәа пату рықәырҵароуп, дара европатәи апринципқәа разыхынҳәра рҭахызар, раҧхьа иргыланы, адемократиа иазхарҵароуп
Шьалуа Папуашвили – Бриуссель аизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара рҭахызар, европатәи апринципқәа пату рықәырҵароуп, дара европатәи апринципқәа разыхынҳәра рҭахызар, раҧхьа иргыланы, адемократиа иазхарҵароуп

Ҳаамҭазтәи Европа амчылара иақәыӡбом, уи еиҳангьы, дара амчылаҩцәа ҕәҕәала ирыдгылоит. Иҟаҵатәу лабҿаба  иубарҭоуп.  Бриуссель европатәи апринципқәа ирзыхынҳәырц рҭахызар, раҧхьа иргыланы, адемократиа иазхарҵароуп, – иҩит  Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили  асоциалтә аҳаҿы.

Папуашвили иажәақәа рыла, иахьа Бриуссель азеиҧш европатәи апринципқәа ирықәныҟәом.

„Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа ҳанрылацәажәо, урҭ  рыҧхасҭахара зыхҟьаз  ҳхамшҭроуп. Иахьа Бриуссель европатәи апринципқәа ирықәныҟәом, насгьы, зегьы реиҳа ихадоу, адемократиа пату ақәырҵом.  Адемократиа пату ақәырҵозар, егьырҭ амилаҭқәа иҟарҵо алхра аҽалагалара ҟалом.  2024 шықәсатәи алхрақәа анымҩаҧысуаз, Бриуссели уи ацҳаражәҳәаҩцәақәаки иаартны ари апроцесс рҽаларгалеит, уи ЕАР аҧҟанҵеи Венатәи аконвенциеи реилагароуп, жәларбжьаратәи аиҿкаара аилагароуп.  Адемократиа пату ақәҵареи, аамҭакала, азакәан атәамбареи ҟалом. Бриуссель изныкымкәа ақырҭуа аиашаӡбара аҿаҧхьа иаҵахахьеит. Саакашвили, Мелиа, Гварамиа уҳәа, урҭ русқәа рзы Қырҭтәыла аиааира агеит, дара ақырҭуа аиашаӡбара ишакәым ала ахцәажәара азин рымам. Насгьы, адемократиа пату ақәуҵозар, аполитикатә ашьаҭа змоу ацәгьаура уақәыӡбароуп. Жьҭаара 4 рзы иҟалаз ахҭысқәа рықәыӡбара иадҳәаланы Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ ирҭаз азҵааразы иахьагьы аҭак ҟаимҵацт, уи алагьы иубарҭоуп иахьа Бриуссель европатәи апринципқәа рганахьала апроблемақәа шыҟоу. Ҳаамҭазтәи Европа амчылара иақәыӡбом, уи еиҳангьы, дара амчылаҩцәа ҕәҕәала ирыдгылоит. Иҟаҵатәу лабҿаба  иубарҭоуп.  Бриуссель европатәи апринципқәа ирзыхынҳәырц рҭахызар, раҧхьа иргыланы, адемократиа иазхарҵароуп, – иҩит   Шьалуа Папуашвили.