Шьалуа Папуашвили — Ақырҭуа жәлар роуп Қырҭтәыла анапхгара ахәшьара рызҭо, иахьа Бриуссель европатәи апринципқәа даараӡа ирцәыхарахеит, дара шьҭахьҟа, Асовет Еидгылахь ацара иаҿуп
Шьалуа Папуашвили — Ақырҭуа жәлар роуп Қырҭтәыла анапхгара ахәшьара рызҭо, иахьа Бриуссель европатәи апринципқәа даараӡа ирцәыхарахеит, дара шьҭахьҟа, Асовет Еидгылахь ацара иаҿуп

Еврокомиссарцәақәак, игәаҕьны, ақырҭуа жәлар ахшыҩ ддырҵарц рҽазыркит, уи ҳақәшаҳаҭраны ҳаҟам, — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Иара иажәақәа рыла, аконфронтациатә ацәажәашьа иаҭакны, Бриуссель ақырҭуа жәлар рҟынтә иҵаҵгәырку ахәшьарақәа разыӡырҩра рықәшәоит.

«Ақырҭуа жәлар роуп Қырҭтәыла анапхгара ахәшьара рызҭо. Ҧаса Москвагьы абас ҟарҵон, Қырҭтәыла ахәшьара аҭара аплан рыман, анеҩс, уи ашьаҭала, хәышықәсатәи аплан ҳзеиқәдыршәон. Уажәы ма 5 пунктк, мамзаргьы, еиуеиҧшым апланқәа ирызкны иҳацәажәоит. Жәларбжьаратәи аиҿкаара шьаҭас иамоу апринцип хада – егьырҭ амилаҭқәа рсуверинитет пату ақәҵара ауп. Еврокомиссарцәақәак, игәаҕьны, ақырҭуа жәлар ахшыҩ ддырҵарц рҽазыркит, уи ҳақәшаҳаҭраны ҳаҟам.

Бриуссель абри аҩыза аконфронтациатә цәажәашьа еиҕьартәзар, дара рхымҩаҧгашьа иадҳәаланы  ақырҭуа жәлар рҟынтә иҵаҵгәырку ахәшьарақәа разыӡырҩра рықәшәоит. Иахьа Бриуссель европатәи апринципқәа даараӡа ирцәыхарахеит, дара шьҭахьҟа, Асовет Еидгылахь ацара иаҿуп», — иҳәеит Папуашвили.