Шьалуа Папуашвили  - Аполитикатә гәыҧқәаки аҳәаанырцәынтә аҧара зауа иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи мчыла аҳәынҭқарратә беркетқәа ргара рҽазыркит, абри амҩа, ишиашо Маидан ахырхарҭала  ицоит
Шьалуа Папуашвили  - Аполитикатә гәыҧқәаки аҳәаанырцәынтә аҧара зауа иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи мчыла аҳәынҭқарратә беркетқәа ргара рҽазыркит, абри амҩа, ишиашо Маидан ахырхарҭала  ицоит

Аполитикатә гәыҧқәаки аҳәаанырцәынтә аҧара зауа иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи мчыла аҳәынҭқарратә беркетқәа ргара рҽазыркит, абри амҩа, ишиашо Маидан ахырхарҭала  ицоит, – иҳәеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Папуашвили  „аҭынчратә револиуциа“ иадҳәаланы аоппозициаа иҟарҵо аҳәамҭақәа ирызкны азҵаара ирҭеит.

„Аполитикатә гәыҧқәаки аҳәаанырцәынтә аҧара зауа иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи адемократиатә ҳәаақәа ирҭыҵит.  Дара аргама иаарыцҳаит адемократиатә процесс аҽалархәра шырҭахым, мчыла аиҳабыра рыҧсахра рҭахуп.  Зегьы ишәгәаласыршәар сҭахуп, аҳәынҭқарратә беркетқәа раиуразы мҩа заҵәык шыҟоу, уи алхрақәа роуп. Зыӡбахәы ҳәоу агәыҧқәеи аҳәаанырцәынтә аҧара зауа иҳәынҭқарртаәым аиҿкаарақәеи мчыла аҳәынҭқарратә беркетқәа ргара рҽазыркит, аиҳабыра рыхҳәара рҽазыркит. Убри аҟынтә, ари апроцесс иалахәу зегьы, атермин ахҳәара зхы иазырхәо, уи иадгыло, насгьы, дара ирҧыло, адипломатиатәи аполитикатәи  аиҧыларақәа рзеиҿызкаауа зегьы амчыларатә процесс иадгылоит. Уи лабҿаба иаабоит. Ажәлар дара ирыдгылом. Дара провокациак аиҿкаара ада уаҳа мҩак рзаанымхеит. Ари амҩа, ишиашо, Маидан ахырхарҭала ицоит, ашьакаҭәареи аилаҩынтәреи ахырхарҭала ицоит. Ҵыҧх Швециа аиҳабыра рхаҭарнак аоппозициаа Маидан аиҿкаара шрыбжьеигоз шәгәалашәоит. Иахьа аполитикатә гәыҧқәаки аҳәаанырцәынтә аҧара зауа иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи Қырҭтәыла 90-тәи ашықәсқәа дырхынҳәыр рҭахуп, абасоуп арҭ ахҭысқәа ишрыхәаҧштәу“, – иҳәеит Шьалуа Папуашвили.