Шьалуа Папуашвили  - Аибашьра амш цыҧхьаӡа  - алахьеиқәҵаратә мшуп
Шьалуа Папуашвили  - Аибашьра амш цыҧхьаӡа  - алахьеиқәҵаратә мшуп

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвии Буча иҟалаз ахҭысқәа рфотоҭыхымҭақәа дрыхцәажәеит.

«Абарҭ афотоҭыхымҭақәа збаз ауааҧсыра  цәаныррас ирымаз ажәала аарҧшра уадаҩзар ҟалап. Убри азоуп  Қырҭтәыла арратә ацәгьаурақәа зегьы Жәларбжьаратәи аӡбарҭаҿы реилыргара иазку ааҧхьара изадгылаз.  Жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа аҭыҧашҟа инеины, азинтә ақәҿыҭра аҭаразы аматериалқәа зегьы еизыргароуп. Убри азоуп ҳара Жәларбжьаратәи аӡбарҭа ҳзадҵаалаз», — иҳәеит  Шьалуа  Папуашвили.

Ажурналистцәа  Шьалуа Папуашвили иазҵааит  украинатәи ақалақьқәа рҿы аҭынчуаа гәымбылџьбарала рышьҭра иадҳәаланы мшаҧы 5 Қырҭтәыла  алахьеиқәҵаратә мшны алаҳәара иазкны аоппозициаа ицәырыргаз аинициатива иазкны.

Папуашвили иҳәамҭала,  аибашьра амш цыҧхьаӡа  – алахьеиқәҵаратә мшуп, ажәлар лабҿаба ирбоит Украина есымша арыцҳареи ацәгьаурақәеи шыҟало.

«Аибашьра амш цыҧхьаӡа алахьеиқәҵаратә мшуп. Рыцҳарас иҟалаз, аоппозициаа еиҭах ари азҵаарала аманипулиациа рҽазыркит. Амш цыҧхьаӡа  – алахьеиқәҵаратә мшуп, ажәлар лабҿаба ирбоит Украина есымша арыцҳареи ацәгьаурақәеи шыҟало. Абри аҩыза аинициативақәа цәырызго «Амилаҭтә ҵысра»,  Қырҭтәылагьы Украинагьы хьаас иркым, абри ауп аус злоу,  дара арыцҳашьара рылам», — иҳәеит  Папуашвили.