Шьалуа Папуашвили - Аамҭа цәгьа ианҭагылоу Украина ҳадгылоит, жәларбжьаратәи ауаажәларра рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит иашьашәалоу ашьаҿақәа ҟарҵарц
Шьалуа Папуашвили - Аамҭа цәгьа ианҭагылоу Украина ҳадгылоит, жәларбжьаратәи ауаажәларра рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит иашьашәалоу ашьаҿақәа ҟарҵарц

Украина иҟоу аҭагылазаашьа иадҳәаланы асоциалтә каҭаҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили.

Папуашвили иажәақәа рыла, Қырҭтәыла украинаа ирыдгылоит.

“Украина аибашьра алагара аҿагылара алымшеит. Даҽазнык жәларбжьаратәи ауаажәларра рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит Урыстәыла агрессиа аанкыларазы иашьашәалоу ашьаҿақәа ҟарҵарц,” – иҩит Папуашвили.

Урыстәыла ахада Владимир Путин Донбас аҿы арратә операциа алагара иазкны аҳәамҭа ҟаиҵеит. Украина қалақьқәак рҿы аԥжәарабжьы гоит.