Шьалуа Папуашвили — «Аҭынчратә проект» иаҳа-иаҳа «аибашьратә проект» еиҧшхоит, Евроеидгыла аҳҭнықалақьқәа рҿы уи еилыркаауа ирзеилымкаауа сыздырӡом, аха, Бриуссель Қарҭ имҩаҧысуа амҩатә ақәҧарақәа ишрыдгыло еилкаауп
«Аҭынчратә проект» иаҳа-иаҳа «аибашьратә проект» еиҧшхоит, Евроеидгыла аҳҭнықалақьқәа рҿы уи еилыркаауа ирзеилымкаауа сыздырӡом», — иҩит Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили асоциалтә аҳаҿы.
«Евроеидгыла алидерцәа рхала ари азҵаара иалацәажәароуп. Аха, фактк лабҿаба иубарҭоуп — Бриуссель Қарҭ имҩаҧысуа амҩатә ақәҧарақәа ирыдгылоит», — иҩит Папуашвили, иара Венгриа аҧыза-министр Виктор Орбан иҳәамҭа алаирҵәеит. Орбан иҳәеит: «Ҳара Бриуссель аибашьратә планқәа ҳарҿагыларцаз анапынҵамҭақәа реизгара ҳалагоит, ҳнапқәа еиқәыршәаны ҳазтәом».